Леван Давиҭашвили  - 5 000 км. аоптикатә инфраструктура иаҧҵахоит,  1 000 раҟара ақыҭақәа зхаҭабзира ҳараку аинтернетла еиқәыршәазаауеит  
Леван Давиҭашвили  - 5 000 км. аоптикатә инфраструктура иаҧҵахоит,  1 000 раҟара ақыҭақәа зхаҭабзира ҳараку аинтернетла еиқәыршәазаауеит  

Авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили апарламентаҿ данықәгылоз ишиҳәаз ала, аҧхьаӡацтә центрс ашьақәгылара аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп.

Леван Давиҭашвили ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла атранзиттә потенциал инаӡаны ахархәара амзызла ари ахырхарҭала аусура нарыгӡоит.

„Аинтернетизациа Қырҭтәыла арегионқәа рҿы иаҳа ирацәаны аекономикатә активреи иаҳа ирацәаны асоциал-економикатә интеграциеи азы зҵакы дуу компонентуп. Амилаҭтә стратегиа ахадаратә хырхарҭақәа рынагӡара амзызла, апроект  „Лог-ин Џьорџьиа“ нагӡахоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит аинтернетизациа аҳәынҭқарратә программа.  2025 шықәса анҵәамҭанӡа 5 000 км. аоптикатә инфраструктура иаҧҵахоит,  1 000 раҟара ақыҭақәа зхаҭабзира ҳараку аинтернетла еиқәыршәазаауеит“, – иҳәеит Леван Давиҭашвили.