Леван Давиҭашвили, Давос, америкатә афинанстә институт ду  Bank of America аделегациа алахәылацәа дырҧылеит
Леван Давиҭашвили, Давос, америкатә афинанстә институт ду  Bank of America аделегациа алахәылацәа дырҧылеит

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр  Леван Давиҭашвили, Давостәи Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны,  америкатә афинанстә институт ду  Bank of America аделегациа алахәылацәа дырҧылеит. Аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡегьы.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун Қырҭтәыла аекономикатә тенденциақәеи,  арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи урҭ рыӡбаразы иҟоу алшарақәеи, аҿыц перспективақәеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала иазааҭгылеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәыла афинанстә сетораҿ иҟоу апрогресси алшарақәеи.

Авице-аҧыза-министр   Bank of America аделегациа Қырҭтәылаҟа ааиҧхьеит, иара ишиҳәаз ала, аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, дара атәылаҿ иҟоу атенденциақәеи алшарақәеи иаҳа еиҕьны иҭырҵаар рылшоит.