Леван Давиҭашвилии Emaar Properties ашьаҭаркҩи Қырҭтәыла аԥара злеиҵар иҭаху апроектқәа ирылацәажәеит
Леван Давиҭашвилии Emaar Properties ашьаҭаркҩи Қырҭтәыла аԥара злеиҵар иҭаху апроектқәа ирылацәажәеит

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили Дубаи имҩаԥсуа Адунеизегьтәи аиҳабыратә саммит   аҳәаақәа ирҭагӡагы Eagle hills ашьаҭаркҩи, Emaar Properties адиректорцәа рхеилак ахантәаҩи, анапхгаратә директор Моҳамед Али Рашед Алабар диԥылеит. Аиԥылараҿ Леван Давиҭашвилии Emaar Properties ашьаҭаркҩи Қырҭтәыла аԥара злеиҵар иҭаху апроектқәа ирылацәажәеит.

Аиԥылараҿ иазааҭгылеит Қырҭтәыла иҟоу аекономикатә тенденциақәа. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу абизнеслагылазареи, акурортқәа рырҿиара ахырхарҭала атәылаҿ иҟоу апотенциал дуи.

Emaar Properties иеиҭамҵуа амал аҿиара ахырхарҭала аус зуа, амилаҭрацәаратә еилахәыроуп, уи Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы иҟоуп. Аилахәыра адунеи зехьынџьара 30 миллиард адоллар еиҳаны активқәа амоуп. Emaar Properties Азиеи, Европеи, Аҩадатәи Америкеи атәылақәа рацәа рҿы аус ауеит