Леван Давиҭашвили – Қырҭтәыла анапхгара Урыстәылаҟны акомпромисс ма аусеицура иазкыз ахарадҵарақәа ирыхәамԥшыкәа, афактқәа даҽа ҭагылазаашьа ҳдырбоит

13:40, 18.12.2023

«Қырҭтәыла анапхгара Урыстәылаҟны акомпромисс ма аусеицура иазкыз ахарадҵарақәа ирыхәамԥшыкәа, афактқәа даҽа ҭагылазаашьа иаҳдырбоит. “Ақырҭуа гәахәтәы” Урыстәыла акӷьы амнаҭеит, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаан Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа амцәыӡит», — иҳәеит Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили.

«Уаанӡа аҭыԥ змаз иҭакԥхықәрадоу аполитика амшала аҭагылазаашьа цәгьа шьақәгылеит, аҭынхара бааԥс ҳауит, уи арҽеира мариам, аха ҳара ҳхықәкы наҳагӡоит –  Қырҭтәыла адеоккупациа хымԥада ҳалшоит ҳара иҳамоу аполитика иабзоураны, Қырҭтәыла ҳарӷәӷәоит, аԥсуааи ауаԥсааи ҳашьцәа рҟны адиалог абжьаҵара ҳалшоит.

Аоппозициаа ари ахырхарҭа аҽалархәра рҭахым, аоппозициаа ҳтәыла жәларбжьаратә репутациа аԥырхарахара ауп хықәкыс амоу», — иҳәеит Леван Давиҭашвили.

Еиԥшу