Леван Давиҭашвили - Ишиашоу атәымтә инвестициақәа рганахьала сынтәагьы апозитивтә динамика нагӡоит, урҭ рхыԥхьаӡара миллиард доллар еиҳахеит
Леван Давиҭашвили - Ишиашоу атәымтә инвестициақәа рганахьала сынтәагьы апозитивтә динамика нагӡоит, урҭ рхыԥхьаӡара миллиард доллар еиҳахеит

Авице-аԥыза, Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили иахьа Invest in Georgia 2020–2023 шықәсатәи аҳасабырба аӡыргара ихы алаирхәит.

Леван Давиҭашвили ишааицҳаз, ҵыԥх Қырҭтәыла ишиашоу атәымтә инвестициақәа арекордтә рхыԥхьаӡара алаҵан – 2ю098 миллиард америкатә доллар. Аминистр иажәақәа рыла, ишиашоу атәымтә инвестициақәа рганахьала сынтәагьы апозитивтә динамика нагӡоит, урҭ рхыԥхьаӡара миллиард доллар еиҳахеит.

“Аспекулиациақәа ирыхәамԥшыкәа, аинвестициақәа ргеографиа ҭбаахеит. Ишиашоу атәымтә инвестициақәа 50% Евреоидгыла атәылақәа рҟынтә аауеит, урҭ рышьҭахь ЕАШ-и Аџьамтәи аӡыбжьахала атәылақәа аауеит. Ари ииашоу аполитикеи “Иҟаҵа Қырҭтәыла”  Invest in Georgia агәыԥи ирыбзоуроуп”,  -иҳәеит Давиҭашвили.