Латвиа ателеканал "Дождь" алицензиа аанкылара ашьҭахь, ателеканал адырраҭара Лиетуваҿгьы иалымшеит
Латвиа ателеканал "Дождь" алицензиа аанкылара ашьҭахь, ателеканал адырраҭара Лиетуваҿгьы иалымшеит

Латвиа ателеканал “Дождь” алицензиа аԥыхра ашьҭахь, ателеканал адырраҭара Лиетуваҿгьы алымшеит. Ари атәы аанацҳаит Лиетуватәи арадиои ателехәаԥшреи ркомиссиа.

Акомиссиа аинформациала, Латвиа аелектронтә медиахархәагақәа амилаҭтә рхеилак урыстәылатәи ателеканал “Дождь” иадҳәаланы аднакылаз аӡбара амч аиуеит иаха.

“Дождь” Латвиантә аиуз алицензиала Евроеидгылеи, Урыстәылеи, ЕАШ-и егьырҭ атәылақәеи рахь аконтент аларҵәара алшон.

“Алицензиа аԥызра ашьҭахь “Дождь” Лиетуваҿгьы адырраҭара алшом”, – аарыцҳаит Лиетуватәи арадиои ателехәаԥшреи ркомиссиа аҟынтә.