Лаша Хуцишвили – Иааиуа ашықәс аҩбатәи азбжазы аинфлиациа алаҟәхареи хықәкылатәи арбага азааигәахареи ҳазыҧшуп
Лаша Хуцишвили – Иааиуа ашықәс аҩбатәи азбжазы аинфлиациа алаҟәхареи хықәкылатәи арбага азааигәахареи ҳазыҧшуп

Қырҭтәыла афинансқәа рминистр  Лаши Хуцишвили иҳәамҭала,  адунеи зехьынџьара аинфлиациа апроблема иҟоуп, ари аганахьала Қырҭтәыла  атәыла ҷыдас зыҟалом.

Аиҳабыра раппарат аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы  Лаша Хуцишвили аинфлиациа зыхҟьаз амзызқәа дрылацәажәеит.

«Евроеидгыла атәылақәа,   Америка уҳәа, адунеи зехьынџьара аинфлиациа аҭоурыхтә максимум аҿы ишыҟоу аабоит.

Аинфлиациа ахадаратә компонентқәа иреиуп абылтәи анефҭаалыҵи. Адунеи аҿы абылтәи анефҭаалыҵи рыхә ацлеит, убри аҟынтә, егьи аалыҵ зегьы ахә шьҭыҵит.  Аинфлиациа ашьҭыҵра зыхҟьаз аҩбатәи агәыҧ иаҵанакәеит афатәаалыҵ. Араагьы адунеи зехьынџьара аҭоурыхтә максимум иҟоуп. Ҳәарада, ари апроцесс  аҭыҧантәи аалыҵ ала акомпенсациа ҟалоит, аха ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа ахьҳамоу атәылақәа рҟынтә, уезгьы аинфлиациа аларҵәара аиуеит.

«Иахьатәи аҭагылазаашьа  нагӡахар ауеит, аха, агеополитикатә ганахьала, жәларбжьаратәи ахәаахәҭра аганахьала  аиҭакрақәак ҟалар, ҳәарада, уигьы аинфлиациа аҩаӡара ианыҧшуеит. Аха, Амилаҭтә банк излауа ала аинфлиациа аанкыларазы ахархәагақәа зегьы амоуп. Убри аҟынтә, иааиуа ашықәс аҩбатәи азбжазы аинфлиациа алаҟәхареи хықәкылатәи арбага азааигәахареи ҳазыҧшуп », — иҳәеит  Лаша Хуцишвили.