Лаҵара 26 рзы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш иазгәарҭоит агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа рыла
Лаҵара 26 рзы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш иазгәарҭоит агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа рыла

Лаҵара 26 рзы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш иазгәаҳҭоит агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа рыла – ҳара aри амш ҳгәы аздууп, ари амш ҳаиднакылоит.

Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧысуа аусмҩаҧгатәқәа иалагоит асааҭ 10:00 рзы, Ахақәиҭра ашҭаҿы, уаҟа, ишаҧу ала, ҿыц арра инанагаз аҿар ҭоуба руеит. Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаҧгахоит Қырҭтәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы.

Қарҭ, Русҭавели имҩадуаҿ еиҿкаахоит аҩы ақәыҧшылара, уаҟа аҩыҟаҵаҩцәа раалыҵ ицәырганы ирҭиуеит. Иара убас, асасцәа рзы еиҿкаахоит аспорттәи, акультуратәи, ахәыҷтәи ақәыҧшыларақәа.

Асааҭ 17:10 рзы, гәырҕьарала иазгәарҭоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра алаҳәара аҭоурыхтә аамҭа. 300-ҩык ахәыҷқәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа нарыгӡоит, урҭ иреиуп аҳәаанырцә аус зуа ақырҭуа школқәа рҵаҩцәагьы.

Лаҵара 26 рзы агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа хыркәшахоит Ахьыҧшымра амш иазку аконцерт ду ала, уи атема хадоуп – Қырҭтәыла иазку ажәабжь. Сынтәатәи аконцерт апрограмма еиқәыршәоуп афольклортә ҧҵамҭақәа рыла, аконцерт рхы аладырхәоит Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рфольклортә ансамбльқәа 1000-ҩык раҟара рылахәылацәа.

Аиҳабыра радминистрациа аиҿкаарала, Ахьыҧшымра амш иазку аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит Қырҭтәыла 18 ақалақьқәа рҿы.