Лаҵара 12-14 рзы Қырҭтәыла зехьынџьара ақәа леиуеит
Лаҵара 12-14 рзы Қырҭтәыла зехьынџьара ақәа леиуеит

Лаҵара 12-14 рзы Қырҭтәыла зехьынџьара ақәа леиуеит, ашьхаҳаракыратә регионқәак рҿы асы леир ҟалап, — аарыцҳаит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аҟынтәи.

Дара рдыррақәа рыла, ҭыҧқәак рҿы акырц леир ҟалап, амшынаҿ  3-4 абалл ашторм ҟалоит.

Ақәоура амшала аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵуеит, ашьхатә зонақәа рҿы адгьылҳәазара ашәарҭара цәырҵыр ауеит.