Константин Затулин – Аҧсны Урыстәылеи Беларуси реидгыла иалалар урыстәыла атәылауаа рыла иеиҭамҵуа амал аахәара азҵаара алацәажәара ҳалшоит
«Аҧсны Урыстәылеи Беларуси реидгыла иалалар урыстәыла атәылауаа рыла иеиҭамҵуа амал аахәара азҵаара алацәажәара ҳалшоит», — иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин.
«Сара «Аидгыларатә ҳәынҭқарра» арҭбаара садгылоит. Ари афакт актуалтә ҵакы змоу еиуеиҧшым азҵаарақәа рыӡбаразы аҭагылазаашьақәа еиқәнаршәоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳареи аҧсуааи апарламентбжьаратә аусуратә гәыҧ аҿы аусура ҳалагеит, аҳәынҭқарратә аҳәааҿы аужьҭратә режим ҳармариар ҳҭахуп. Урыстәылеи Беларуси, «аидгыларатә ҳәынҭқарра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ари аганахьала аҧышәа бзиа рымоуп. Аҧсныгьы ари аҳәынҭқарра алалара шаҭаху шьақәнарҕәҕәар, ари азҵаарагьы ҳаӡбоит. Аҧсны «аидгыларатә ҳәынҭқарра» иалалар, аганқәа рхаҭарнакцәа урыстәыла атәылауаа рыла иеиҭамҵуа амал аахәара азҵааразгьы ҳаиқәшаҳаҭхар ҟалап. Аҧсуа аоппозициа ажәлар рыгәҭа агәҩара аладырҵәоит. Ари аҩыза афакт ҟалар аҧсуаа ртәыла рцәыӡуеит ҳәа. Аха адгьыл аӡәгьы џьаргьы игом, абри аҩыза агәаанагара Аҧсны аҿиара иаҧырхагоуп», —иҳәеит Константин Затулин.