Конго ебола авирус амшала аанызқьҩык рҟынӡа иҭахеит
Конго ебола авирус амшала аанызқьҩык рҟынӡа иҭахеит.  Ари атәы аанацҳаит Адунеитә агәабзиарахьчаратә еиҿкаара.
ЕАР агентра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рпрограмма анапхгаҩы Маикл Раиан иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи аамз рыҩнуҵҟа Конго адемократиатә республика аҿы ебола авирус ирыхьит 1510-ҩык, урҭ рҟынтә 994-ҩык рыҧсҭазаара иалҵит.

Конго адемократиатә республика аҿы ебола ахьырыхәшәтәуа ахәшәтәырҭақәа рқәыларақәа ирыбзоураны аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахоит. Адунеитә агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ахаҭарнак ишазгәеиҭаз ала, 2019 шықәса алагамҭа инаркны иахьанӡа иҟалеит 119 ақәылара, аахақәа роуит амедицинатә усбарҭақәа 85-ҩык аусуҩцәа.