Киеви, Харьковтәии, Сумтәи, Днепропетровсктәии атәылаҿацәқәеи рҿы атәҟацбжьы гон
Киеви, Харьковтәии, Сумтәи, Днепропетровсктәии атәылаҿацәқәеи рҿы атәҟацбжьы гон

Киеви, Харьковтәии, Сумтәи, Днепропетровсктәии атәылаҿацәқәеи рҿы атәҟацбжьы гон.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, иаха Украина зехьынџьара аҳаиртә шәарҭара иазкны  адырра ҟаҵан.

Афронт аҿы аҭагылазаашьа иазкны украинатәи АИХ ишаарыцҳаз ала, аурысцәа                                                                                                                                                         Лисичанск ақалақь анырга ашьҭахь,  ишеибгоу Лугансктәи атәылаҿацә иахылаҧшуеит, дара Славиански Бахмути ржәыларазы рҽазыҟарҵоит.

Харьков ахырхарҭалагьы ақәҧара инагӡоит. Аҭыҧантәи АИХ рдыррала,  украинатәи арбџьармчқәа қәҿиарала ажәылара мҩаҧырган,  имаҷымкәа аурыс аруааи атехникеи иқәырхит. Аполициа адыррала, урыстәылатәи арбџьармчқәа имҩаҧырго ажәыларақәа рымшала мчыбжьыкала Харьковшина 30ҩык аҭынчуаа ҭахеит.