Келли Дегнан - Мчыла, ацәымҕрала аҭынчратә ныҟәара иаҧырхагахар зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәыла Аконституциа еиларгоит
Келли Дегнан - Мчыла, ацәымҕрала аҭынчратә ныҟәара иаҧырхагахар зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәыла Аконституциа еиларгоит

Мчыла, ацәымҕрала аҭынчратә ныҟәара иаҧырхагахар зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәыла Аконституциа еиларгоит, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан  «Ҭбилиси праид» даналацәажәоз.

Адипломат лҳәамҭаала, Қырҭтәыла Аконституциа атәылауаа рзинқәа еиқәнаршәоит, аҭынчратә аизарақәеи агәаанагара аарҧшреи азингьы уахь иналаҵаны.

«Ауаа ргәаангара еиҧшымзаргьы, ҳара абри азин ахьчара иазкны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнагоа уснагӡатәқәа рыхә ҳшьоит.  Аполициазы абри аҳасабтә мариам, аха, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ақырҭуа полициа  иаҭаху зегьы шыҟарҵо аҭынчратә акциа алахәылацәа рзинқәа рхархәара рылшарц азыҳәан. Мчыла, ацәымҕрала аҭынчратә ныҟәара иаҧырхагахар зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәыла Аконституциа еиларгоит», — илҳәеит Дегнан.