Келли Дегнан - Авакцинациа апандемиа аҽацәыхьчареи, ауацәеи аекономикеи рыхьчаразы мҩа заҵәык ауп
Келли Дегнан - Авакцинациа апандемиа аҽацәыхьчареи, ауацәеи аекономикеи рыхьчаразы мҩа заҵәык ауп

Ақырҭуаа алаҵақәа ахьыҟарҵо даара сеигәырӷьоит, ари аҵак ду амоуп, лымкаала Қырттәыла акоронавирус дельта авариант аларҵәара ахьамоу аамҭазы,  – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Екатериен Тикараӡеи лареи Қарҭтәи ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ авакцинациа апроцесс шымҩаԥысуа абаразы ианнеи.

Дегнан лажәақәа рыла, ЕАШ Қырҭтәыла 500 000 доза алаҵа “Фаизер” аҭара ахьалшаз даара лгәы иаахәоит.

Ацҳаражәҳәаҩ ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟалҵеит акоронавирус азы алаҵа ҟарҵарц

“Ауааԥсыра рахь даҽазнык ааԥхьара ҟасҵоиот, алаҵақәа ҟарҵарц. Авакцинациа апандемиа аҽацәыхьчареи, ауацәеи аекономикеи рыхьчаразы мҩа заҵәык ауп,” – илҳәеит Келли Дегнан.