Казахстан ахада – Ақәҧара аҵыхәанӡа инаҳгароуп, ихьамҵуа зегьы инҳарҵәоит
 Казахстан ахада – Ақәҧара аҵыхәанӡа инаҳгароуп, ихьамҵуа зегьы инҳарҵәоит

Казахстан ахада  Касым-Жомарт Токаев  ишааицҳаз ала, азинхьчаҩцәеи аруааи адҵа риҭеит агәҽанҵара ҟамҵакәа амца аадыртырц. Иара ари  атәы ааицҳаит уажәааны иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.

«Агәҽанҵара ҟамҵакәа амца аартразы адҵа рысҭеит. Аҳәаанырцә  ари апроблема ҭынч аӡбаразы аиҿцәажәарақәа ралагара ҳабжьаргоит. Изакәытә гаӡароузеи! Ацәгьауцәеи ауаҩшьцәеи ҳрацәажәома?

Ҳара бџьарла еибыҭаз абандитцәа аабеит, аҭыҧантәиқәагьы аҳәаанырцәтәиқәагьы. Абандитцәеи атеррористцәеи. Убри аҟынтә, урҭ инырҵәатәуп. Хара имгакәа абри аус ҟаҳҵоит. Азинхьчаратә мчқәа ари аҳасабтә анагӡаразы ихиоуп», — иҳәеит Казахстан ахада.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭра аиҿкаара аҭынчрачаҧатә контингент Казахстан инеихьеит, дара атәыла анапхгара аконституциатә аиҿкаара аиҭашьақәыргылараҿы ирыцхраауеит. Казахстан ахада  зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара анапхгара  —  Шәамахьтәылеи,  Беларуси, Кыргызстани, Таџьикистани, Урыстәылеи  адгылареи ацхыраареи азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Аконтртеррористтә операциа инагӡоит. Абоевикцәа абџьар шьҭарымҵеит, ацәгьаура нарыгӡоит. Ари ақәҧара аҵыхәанӡа инагатәуп. Ихьамҵуа зегьы инҳарҵәоит  », — иҳәеит Казахстан ахада.