Казахстан Алматы ақалақь аҿы адемонстрантцәа араионтә администрациа ахыбра мчыла иҩналеит
Казахстан Алматы ақалақь аҿы адемонстрантцәа араионтә администрациа ахыбра мчыла иҩналеит

Казахстан Алматы ақалақь аҿы адемонстрантцәа араионтә администрациа ахыбра мчыла иҩналеит. «Арадио Ахақәиҭра» казахстантәи абиуро ишаанацҳаз ала, администрациа ахыбра абылра иаҿуп.

АИХ адыррақәа рыла, иахьа шьыбжьон зқьҩыла адемонстрантцәа Алматы Ареспублика ашҭаҿ аполициа аусзуҩцәа ирҿагыланы, ақалақь администрациа ахыбра ажәылара иалагеит.

Акциа алахәылацәа ахыбра ашәқәеи аҧенџьырқәеи ҧҽны, мчыла ахыбра иҩналеит.

Алматиниәм атәылаҿацә аҿы аҭагылазаашьа ҷыдеи акоменданттә сааҭи рылаҳәоуп.