Казахстан аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит
Казахстан аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит

Казахстан аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Атәыла ахада  Касым-Жомарт Токаев иашьашәалоу ақәҵара инапы аҵаиҩхьеит.

Аҧыза-министр инапынҵақәа наигӡоит  Алихан Смилов.  Аиҳабыра ҿыц еиқәдыршәаанӡа уажәтәи аминистрцәа аусура нарыгӡоит.

Агаз ахә ацҵара амшала, Казахстан апротесттә акциақәа иалагеит.  Аханатә акциақәа ҭынч имҩаҧысуан, аха, анеҩс, аиҿагылара иалагеит. Казахстан ахада атәылаҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылеиҳәеит.