Каха Калаӡе - Қырҭтәыла аиҳабыра атәылаҿ аарҳәра амҩаԥгара аӡәгьы азин ианаҭом, абри еиԥш аусқәа ихыбгалахоит
“Атәылаҿ аҭынчра ахьчаразы иҟаҵатәу зегьы ҟаҵахоит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Қырҭтәыла авизалиберализациа аԥыхра ҟалар цәыббразы аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥгара иазкны «IRI Georgia» адиректорат ицәырнагаз ауснагӡатә план данахцәажәоз.
“Ари ареволиуциа амҩаԥшаразы раԥхьаӡатәи ҽазышәараӡам. Уи арадикалцәа рыпланқәа еснагь иалан. Қырҭтәыла аиҳабыра атәылаҿ аарҳәра амҩаԥгара аӡәгьы азин ианаҭом, абри еиԥш аусқәа ихыбгалахоит.Атәылаҿ аҭынчра ахьчаразы иҟаҵатәу зегьы ҟаҵахоит”, – иҳәеит Калаӡе.