Каха Калаӡе Милан ахада диԥылеит
Каха Калаӡе Милан ахада диԥылеит

Милан визитла иҟоу Қарҭ ахада Каха Калаӡе Милан ахада Џьузеппе Сала диԥылеит.

Қарҭ ахадара аинформациала, аганқәа ҩтәылак ирыбжьоу еизыҟазаашьақәеи, Қарҭи Милани ирыбжьоу аусеицура арҭбаара аперспективқәеи рыхцәажәеит.

Аиԥылараҿ Калаӡеи Салеи Милан Қырҭтәыла аконсулра хада аартра афакт ахәшьара ҳарак арҭеит, ахадацәа ишазгәарҭаз ала, ари Қырҭтәылеи Италиеи, Қарҭи Милани реиҩызара арӷәӷәаразы ихырҳагоуп.

Каха Калаӡе Џьузеппе Сала адкыларазы иҭабуп ҳә иаиҳәан, Қарҭ дааиԥхьеит.

Аиԥылара далахәын Милан иҟоу Қырҭтәыла аконсул хада Наталиа Корӡаиа.