Каха Имнаӡе Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара дахагылоит
Каха Имнаӡе Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара дахагылоит

Каха Имнаӡе Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара дахагылоит. Ари тәы Имнаӡе “Твиттер” аҿы ааицҳаит.

“Оттава аусура алагара гәахәара ду ала сахыԥшуп, сҩыза гәакьа Қавҭараӡе иус насыгӡоит”, – иҩит Имнаӡе.

Уаанӡа Каха Имнаӡе  ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ЕАР аҟны Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс Давид Бақраӡе иқәыргылара лнапы аҵалҩит.