Карл Харцель – Аӡбаҩцәа рықәыргылара иазкны ирццакны аӡбара адкылара иахәҭам, уи иҽеим алагамҭахоит
Карл Харцель – Аӡбаҩцәа рықәыргылара иазкны ирццакны аӡбара адкылара иахәҭам, уи иҽеим алагамҭахоит

Аӡбаратә реформеи, азакәан аиҳаӡарахь агәрагара аизырҳареи, уи аларҵәареи аҵакы ду амоуп. Ҳара кыршықәса рыҩнуҵҟа уи ҳадгылоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Адипломат игәаанагарала, аӡбаҩцәа рықәыргылара иазкны ирццакны аӡбара адкылара иахәҭам, иара агәыҕра ду имоуп Қырҭтәыла апарламент аҿы абри агәаанагара иазҧхьагәарҭап ҳәа.

«Америкеи Европа Ахеилаки рҟынтә ҳколлегацәеи ҳареи ҳгәаанагара ҳҳәахьеит. Абри апроцесс арласра иахәҭам. Иара убас, акандидатцәа зегьы еиҟараны рызныҟәара иазкны Венециатәи акомиссиа иҟанаҵаз абжьагарагьы иазҧхьагәаҭатәуп. Апарламент уигьы иазҧхьагәанаҭап ҳәа сгәыҕуеит.  Ҳара ари аӡбара ҳалацәажәоит Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьаара Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны амакрофинанстә  цхыраара аганахьалагьы.  Абри азҵаара аҭҵаара нагӡатәуп, аццакра иахәҭам ҳәа ҳгәы иаанагоит, избанзар уи иҽеим алагамҭахоит», — иҳәеит Ҳарцель.