Карл Харцель  иахьа Европа ашҭаҿы имҩаҧысуа аизара ихы алаирхәоит
Карл Харцель  иахьа Европа ашҭаҿы имҩаҧысуа аизара ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭаҿы ишырҳәаз ала, атәыла ахада лааҧхьарала,   ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иахьа Европа ашҭаҿы имҩаҧысуа аизара ихы алаирәхоит.

Рашәара 16 рзы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ажәлари,  апартиқәеи,  Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рахь ааҧхьара ҟалҵеит Европа ашҭаҿы еизарц. Атәыла ахада ауааҧсыра дрыҳәеит еидгыланы Европа иддырбарц Қырҭтәыла Европа алалара шаҭаху.

Европа ашҭашҟа инеираны иҟоуп Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Книрши Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Колласи.