Карл Ҳарцель – Анеҩстәи хымш интенсивла имҩаҧысуеит, арҭ амшқәа аҵакы ду рымоуп, акризис ҳзалҵуазар аабап
Карл Ҳарцель – Анеҩстәи хымш интенсивла имҩаҧысуеит, арҭ амшқәа аҵакы ду рымоуп, акризис ҳзалҵуазар аабап

Анеҩстәи хымш интенсивла имҩаҧысуеит, арҭ амшқәа аҵакы ду рымоуп, акризис ҳзалҵуазар аабап, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнак Карл Ҳарцель Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

«Уажәы Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак сиҧыларцаз сцоит.  Анеҩстәи хымш интенсивла имҩаҧысуеит, арҭ амшқәа аҵакы ду рымоуп, акризис ҳзалҵуазар аабап», — иҳәеит Ҳарцель.

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак Кристиан Даниельсон аполитикатә диалог аҽалархәразы Қарҭ даҭааит.