Карл Ҳарцель – Аганқәа алҵшәа аԥшааразы аҭакԥхықәра рыдуп, аусеицура иабзоураны азеиԥш позициа аԥшаара ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит
Карл Ҳарцель – Аганқәа алҵшәа аԥшааразы аҭакԥхықәра рыдуп, аусеицура иабзоураны азеиԥш позициа аԥшаара ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит

Аганқәа алҵшәа аԥшааразы аҭакԥхықәра рыдуп, аусеицура иабзоураны азеиԥш позициа аԥшаара ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳажәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Ҳарцель Қырҭтәыла аполитикатә ганқәа имҩаԥырго еилацәажәара рпроцесс дахцәажәеит.

«Ахаҭарнак ҷыда уажәгьы Қарҭ дыҟоуп, уи аганқәа дырԥылоит. Аха макьана алҵшәа ҳзымԥшааит, аганқәа аимак ду рыбжьоуп. Ари издыруеит, ԥшьымз ҵуеит апроцесс мҩаԥгоижьҭеи,афасилитациа салахәын, апроцесс даараӡа ихьанҭоуп. Аганқәа апроцесс анагӡара макьана иадгылоит, зҵаарақәак рзы егьеиәшаҳаҭхеит, аха аҭагылазаашьа уеизгьы ицәгьоуп.

Акомпромисс имариам. Аха аганқәа алҵшәа аԥшааразы аҭакԥхықәра рыдуп, аусеицура иабзоураны азеиԥш позициа аԥшаара ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит,» – иҳәеит Карл Ҳарцель.