Камала Ҳаррис - Украинатәи ажәлари Украинеи ирзыҟаҳҵаз азҵаараҿы Польшеи Америкеи ргәаанагарақәа еиԥшуп, ари анагӡара ҳазыхиоуп
Камала Ҳаррис - Украинатәи ажәлари Украинеи ирзыҟаҳҵаз азҵаараҿы Польшеи Америкеи ргәаанагарақәа еиԥшуп, ари анагӡара ҳазыхиоуп

ЕАШ вице-ахада Камала Ҳаррис аофициалтә визитла Польша дыҟоуп.

Ҳаррис Польша ахада, Анджеи Дуда диԥылеит. Аҳәамҭақәа аныҟарҵоз аамҭазы, ЕАШ вице-ахада ишылҳәаз, Америкеи Польшеи реизыҟазаашьақәа ахаан ишыҟамыц еиԥш иӷәӷәоуп.

Камала Харрис Польша лвизит иалагаанӡа, Пентагон хаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵеит, ЕАШ мап шацәнакуа польшатәи авианырҵәагақәа рхархәаразы.

Ҳаррис ишазгәалҭаз, Польша лвизит ЕАШ-и Польшеи рыбжьара еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа раарпшоруп, иара убас Украина азҵааразы аҩтәылак еиԥшу апозициа рымоуп.

Камала Ҳаррис польшатәи ажәлар украинатәи ажәлар рыдгыларазы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.