Џьуаншер Бурҷулаӡе Қобулеҭи иҟоу арратә база даҭааит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Қобулеҭи иҟоу арратә база даҭааит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Аҷара арратә базақәа рҿы аинфраструктуратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит. Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, уажәазы аминистр Қобулеҭи иҟоу арратә база даҭааит.

«Атәылахьчара аминистр аханатә ирҽеиу акрыфарҭеи, аҟазармақәеи, абаза аҵакырадгьыл аҿы иҟоу аныхабааи ибеит. НАТО атәылақәа рстандартқәа ирышьашәалоу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәара амзызла,  Иракли Ҕарибашвили аҧыза-министрс даныҟарҵа инаркны,  аинфраструктура арҿыцра азҵаара аҧыжәара аиуит. Ари апроцесс инагӡоит. Арратә базақәа рҿы иргылоуп, ирҽеиуп, аханатә еиҿкаауп шәкыла аобиектқәа», — иануп Атәылахьчара аминистрра адырраҿы.