Џьуаншер  Бурҷулаӡе НАТО Арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит
Џьуаншер  Бурҷулаӡе НАТО Арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит

Визитла Бриуссель иҟоу Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Џьуаншер  Бурҷулаӡе НАТО Арратә комитет ахантәаҩы диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Џьуаншер  Бурҷулаӡе  адмирал  Роб  Бауер ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, НАТО ашҟа аинтеграциеи адгыларазы.

Аиҧылараҿы  Џьуаншер  Бурҷулаӡе ишазгәеиҭаз ала,  Мадридтәи асаммит аҿы ирыдыркылаз  «Қырҭтәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны атәыла ацхраара иазку адокумент»-и апрактикаҿы уи анагӡареи Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәареи  НАТО астандартқәа рзааигәахареи иацхраауеит.

Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа аибашьреи Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу ашәарҭарақәеи.

Жьҭаара 12-13 рзы Бельгиа имҩаҧысуеит НАТО атәылақәа ртәылахьчара аминистрцәа реиҧылара.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылахьчара аминистр  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диҧылеит.