Џьуаншер Бурҷулаӡе ЕАШ амилаҭтә академиа абиуро аҿы аиԥыларақәа мҩаԥигеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе ЕАШ амилаҭтә академиа абиуро аҿы аиԥыларақәа мҩаԥигеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ЕАШ авизит наигӡоит. Пентагон аҿы ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин иҟны аиԥылара ашьҭахь, Џьуаншер Бурҷулаӡе ЕАШ амилаҭтә академиа абиуро аҿы амилаҭтә гвардиа аиҳабы, аинрал Даниел Ҳокансон диԥылеит. Ари атәы аанацҳаит Атәылахьчара аминистрра.

Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәылеи, Украинеи, Евроазиеи рызҵаарақәа рзы ЕАШ атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Лора Купер, Европеи Африкеи рҿы ЕАШ ар реиҳабы ихаҭыԥуаҩ аинрал-маиор Џьо Џьерард, амилаҭтә гвардиа абиуро ахаҭарнакцәеи Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәеи.

Аганқәа ЕАШ адгылара ала Қырҭтәыла атәылахьчаралшара арӷәӷәара ахырхарҭала имҩаԥысуа апрограмма хадақәа ирыхәаԥшит.

Џьуаншер Бурҷулаӡе америкатәи аган иҭабуп ҳәа раиҳәеит “Атәылақәа рыбжьара апартниорра” апрограмма анагӡаразы.

Аганқәа  арратә зыҟаҵарақәа рҵак ду иахцәажәан, урҭ рымҩаԥгараҿ амилаҭтә гвардиа адгылареи акнтрибуциеи рроль иазгәарҭеит.