Џьуаншер Бурҷулаӡе - Аларҵәара зауз аинформациа аҳәынҭқарра иаҿагыланы имҩаԥырго еиҿкаау апровокациоуп
Џьуаншер Бурҷулаӡе - Аларҵәара зауз аинформациа аҳәынҭқарра иаҿагыланы имҩаԥырго еиҿкаау апровокациоуп

Арратә маҵзуаҩцәа русқәа ҳа ҳҿы иҵәахуам, аха ари иахәамԥшыкуа арратә аполициа хаҭарнакцәа усԥшаара хацыркит абри еиԥш арискқәа ҟамларц азы, ҳара даара ибзианы еилаҳкаауеит аруаа хазхаҭалатәи ринформациа аҵак ду щамоу, – иҳәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе.

Аминистр иажәақәа рыла,  Урыстәылатәи Афедерациа амаҵзура ҷыдақәа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә аруаа ԥхьатәацәа хазхаҭалатәи русқәа роуит ҳәа адырра аҳәынҭқарраҿ адеструкциа алагара ауп хықәкыс амоу.

„Иракли Ӷарибашвили данминистрыз ҳара абри еиԥш аинформациа амаӡа астатус аҳҭеит, ҳара даара ибзианы еилаҳкаауеит аруаа хазхаҭалатәи ринформациа аҵак ду щамо. Сгәы шаанаго ала, аоппозициатә аихқәа аладырҵәаз аинформациа аҳәынҭқарра иаҿагыланы имҩаԥырго еиҿкаау апровокациоуп”, – иҳәеит Бурҷулаӡе.

“Амилаҭтә ҵысра” алидер Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, ампыҵахалаҩцәа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра архив аҿы иҵәахыз ақырҭуа аибашьцәа ирызку адыррақәа роуит.