Џьон Кирби ишааицҳаз, урыстәылатәи аган Мариуполь ахимиатә бџьар рхы иадырхәит ҳәа Пентагон арҵабыргра алшом
Џьон Кирби ишааицҳаз, урыстәылатәи аган Мариуполь ахимиатә бџьар рхы иадырхәит ҳәа Пентагон арҵабыргра алшом

Урыстәылатәи аган Мариуполь ахимиатә бџьар рхы иадырхәит ҳәа Пентагон арҵабыргра алшом.

CNN аинформациа ала, ари атәы ааицҳаит Пентагон апресспикер Џьон Кирби; аха ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ иусҳәарҭаҿ агәыԥжәара аадырԥшуеит Урыстәыла ахимиатә бџьар ахархәара ахьалшо аҟынтә.

„Арҭ адыррақәа ииашазар, агәыԥжәара ду ааҳарԥшуеит, Урыстәыла Украина аҭагылазаашьа ахылаԥшразы ахархәагақәа апотенциатә рхархәара ахьалшо, урҭ иреиуоуп алаӷырӡаагага агази ахимиатә агентқәеи реилаӡҩара”, – иҳәеит Кирби.

“Азовский полк”  аинформациа ала, ампыҵахаларатә мчқәа Мариуполь, азауад “Азовсталь” аҿы украинатәи аруааи атәылауаҩратә хаҿқәеи ирҿагыланы апилот дызма аԥырратә аппарат аҟынтә рхы идырхәит идырым ашҳам. Аларҵәара зауз аинформациала, аԥырхага зауз аԥсыԥ лага-ҩагара ирцәыуадаҩуп. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳауа, идырым амаҭәашьар ахархәара алҵшәақәа рыҭҵаара иаҿуп.