Џьо Баиден  - Урыстәыла азин ҷыда змоу ахәаахәҭратә партниор астатус амаҳхоит
Џьо Баиден  - Урыстәыла азин ҷыда змоу ахәаахәҭратә партниор астатус амаҳхоит

Америка, НАТОи  G7-и ирыдгыланы, Урыстәыла  «анормалтә, азин ҷыда змоу атәыла» астатус амхразы ааҧхьара ҟанаҵоит. Уи абзоурала, Урыстәылантә иаарго атауарқәа аҳаза рықәҵара рылшоит.

Иахьатәи абрифинг аҿы Џьо Баиден ишиҳәаз ала, атәылақәа зегьы дара рхала ирыӡбоит Урыстәылаҟны ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа статусс иранаршьо.

«Уажәааны сара ахада Зеленски сиацәажәеит,  сара даҽазнык иасҳәеит Америка зыҧсадгьыл ахьчара иазықәҧо аукраин жәлар ишрыдгыло. Путин Украина ажәылара наигӡоит, убри аҟынтә,  Америкеи,  уи апартниорцәеи адгылаҩцәеи аекономикатә ақәыҕәҕәара арҕәҕәаразы аус еицыруеит.  Хара имгакәа,  ҳареи НАТОи  G7 атәылақәеи аҳәамҭа ҟаҳҵоит  урыстәылатәи агрессиазы  Урыстәыла ахьырхәра амзызла иҟаҳҵараны иҟоу ашьаҿақәа ирызкны.  Раҧхьа иргыланы,  ҳара,  Урыстәыла азин ҷыда змоу ахәаахәҭратә партниор астатус амаҳхоит.  Убри абзоурала,  Урыстәыла атәылауаа Америка абизнес аҟаҵара рцәыуадаҩхоит,  абри аҩыза ашьаҿа ҳзыҟаҵар,  ҳсанкциақәа рыбзоурала уезгьы азарал ду зауз урыстәылатәи аекономика даҽа аахак  аиуеит », — иҳәеит Баиден.

Урыстәыла Америка ахәаахәҭратә партниорцәа рсиаҿы 23-тәи аҭыҧ ааннакылоит.