Џьо Баиден Иракли Ҕарибашвили идиныҳәалеит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш -  Америка ақырҭуа жәлар ирыдгылоит  аҭынчратә аҧеиҧши, ашәҭыкакаҷреи, адемократиатә хақәиҭреи азықәҧараҿы
Џьо Баиден Иракли Ҕарибашвили идиныҳәалеит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш -  Америка ақырҭуа жәлар ирыдгылоит  аҭынчратә аҧеиҧши, ашәҭыкакаҷреи, адемократиатә хақәиҭреи азықәҧараҿы

Америка ахада Џьо Баиден Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.

Америка ахада ишәҟәы ишану ала, Америка аглобалтә шәарҭадара ахьчара аус аҿы Қырҭтәыла иҟанаҵо алагала ахә ршьоит.

«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр! Шәареи ақырҭуа жәлари лаҵара  26  — Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп.  Ақырҭуеи америкатәи жәларқәа ахьыҧшымреи ахақәиҭреи иазгәыкуп, абри ауп ҳажәларқәа еидызҳәало.

Қырҭтәыла лабҿаба аанарҧшит адунеи зеџьынџьара ахақәиҭра азықәҧара ишазыхиоу. Аглобалтә шәарҭадара ахьчара аус аҿы иҟашәҵаз алагала ду ахә ҳшьоит.

Ахьыҧшымра амш азгәаҳҭоит, аха, уи аамҭазы ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара амшала, ақырҭуаа рацәа рхадаратә зинқәа рхархәара шрылымшо. Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакрыдгьылтә акзаареи иадгылоит. Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ихьыҧшым ақырҭуа аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара иаҟәыҵырц», — иануп Џьо Баиден Қырҭтәыла аҧыза-министр изааишьҭыз ашәҟәы аҟны.