Џьо Баиден  – Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла имҩаҧнаго ареферендумқәа закәаным, Америка хаангьы урҭ азханаҵом
Џьо Баиден  – Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла имҩаҧнаго ареферендумқәа закәаным, Америка хаангьы урҭ азханаҵом

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла имҩаҧнаго ареферендумқәа закәаным, Америка хаангьы урҭ азханаҵом , иҳәеит Америка ахада Џьо Баиден.

Иара иажәақәа рыла, арҭ  «ареферендумқәа» импыҵахалоу арегионқәа раннексиа ауп изызку, Вашингтон Украина аҵакырадгьықәа даҽа тәылак аҵакырадгьыл ҳасабала хаангьы иазхарҵом.

Америка ахада ишазгәеиҭаз ала, Вашингтон, адгылаҩәеи апартниорцәеи рҟны активла аусеицура нарыгӡоит Урыстәыла иацҵаны асанкциақәа азышьақәыргыларазы.