Џьо Баиден - Иџьбароу асанкциақәа алаҳгалоит, урыстәылатәи амааҭ ҳарԥсыҽуеит, ашьаҭатәи ԥшьбанкк аблокада рзаҳуеит
Џьо Баиден - Иџьбароу асанкциақәа алаҳгалоит, урыстәылатәи амааҭ ҳарԥсыҽуеит, ашьаҭатәи ԥшьбанкк аблокада рзаҳуеит

Владимир Путин кыраамҭа ари аплан аус адиулон, ари заанаҵтәи гәҭакылатәи жәылароуп,175 000-ҩык аибашьцәеи арратә техникеи Украина аҳәаақәа раагәара гылоуп, идыргылеит адәтәи госпиталқәа, ашьа аҵәах иҟоуп, – иҳәеит ЕАШ ахада Џьо Баиден апрессконференциа аҿы.

Баиден иажәақәа рыла, ЕАШ-и апартниорцәеи “адиалог мҩала аимак аҭыԥқәҵаразы” рҽазкрақәа Урыстәыла мап рыцәнакит.

ЕАШ ахада ишазгәеиҭаз, Урыстәыла аганахьала ЕАШ асанкциақәа шьақәнаргылоит.

“Урыстәыла еврои, доллари, афунти рҿы абизнес аҟаҵара алшара аиуам. Урыстәыла ахатә арратә мчқәа рфинансркразы алшара аҳҭом. Иреиҳаӡоу атехнологиақәа рхархәара азалшом. Урыстәылатәи амааҭ ҳарԥсыҽуеит. Иахьа урыстәылатәи акциақәа 50% рыхә каҳаит. 300 миллион активқәа ахьыҟоу абанкқәа асанкциақәа рзышьақәҳаргылоит, ашьаҭатәи ԥшьбанкк аблокада рзаҳуеит” -иҳәеит ЕАШ ахада.

“Аҩаша инаркны Урыстәыла аиҳабыра америкатәи ма европатәи аинвестициақәа рҟынтә аԥара аиура рылшазом. Иара убас, 400 миллиард доллар активқәа змоу идуу урыстәылатәи ааглыхырҭақәа, аилахәырақәа аԥкрақәа рзышьақәҳаргылоит. Урыстәыла иреиҳаӡоу атехнологиақәа рхархәара азалшом,” -иҳәеит Џьо Баиден