Џьо Баиден иҳәамҭала,  COVID-19 апандемиа хыркәшоуп
Џьо Баиден иҳәамҭала,  COVID-19 апандемиа хыркәшоуп

Америка ахада  Џьо Баиден иҳәамҭала,  COVID-19 апандемиа хыркәшоуп.

«Апандемиа хыркәшоуп.  COVID иадҳәаланы уажәгьы апроблемақәа ҳамоуп, ари азҵааразы ирацәаны аус аауеит, аха,  игәашәҭазар,  аӡәгьы асабрада ныҟәигом,  ишубарҭоу ала,  ауааҧсыра ргәы бзиоуп. Убри азоуп аҭагылазаашьа аҽаҧсахит ҳәа сгәы изаанаго», — иҳәеит Баиден.

Аҭыжьымҭа  Politico ишану ала,   агәабзиарахьчара азҵаара знапы иану Аҩны шкәакәа аусзуҩцәа   Баидена  иҟаиҵаз аҳәамҭа уамашәа ирбеит,  избанзар,   «60 минуҭ» аҟны аинтервиунӡа иара ари аҳәамҭа ҟаимҵар акәын.