Америка ахада Џьо Баиден акоронавирус адиагноз изышьақәдырҕәҕәеит. Ари аҳәамҭа аланарҵәеит Аҩны шкәакәа. Атәыла ахада иадминистрациа адыррала, Џьо Баиден апрепарат «Паксловид» ала дхәыршәтәуеит.
Џьо Баиден авакцинациа акурс наӡа дахысит, абустертә 2 дозакгьы иоуит. Аҩны шкәакәа адыррала, исимптомқәа хьанҭам.
Америка ахада Аҩны шкәакәаҿ аҽыҧхьакраҿ дыҟазаауеит. Аусура наигӡоит аҭелла ма онлаин арежим аҿы.