Џьин Шаҳини Џьим Риши аҳәамҭа еицыҟарҵеит - Трамп иадминистрациа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аизыҟазаашьақәа рырҿыцра иалагаанӡа, аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз ашьаҿақәа цқьа ирызхәыцырц
ЕАШ асенаторцәа, Асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Џьим Риши асенат алахәыла Џьин Шаҳини Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьеи жьҭаара 4 рзы аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рнеҩс аҭыԥ змаз ахҭысқәеи ирызкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
“Ҳара Қырҭтәыла еицәахаз аполитикатә ҭагылазаашьеи аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рнеҩс Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿақәеи рымзызла агәынамӡара ҳазцәырҵуеит. Аԥыза-министр аоппозициатә партиақәа раԥыхреи рлидерцәа рбаандаҩтәреи иазкны идикылаз аӡбамҭа адемократиа иҿагылоит, даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит “Ақырҭуа гәахәтәы” ииашоу, ихырҳагоу аполиткатә диалог шаҭахым. Аполитикатә мотивациа шьаҭас измоу аусԥшаарақәеи атәылауаҩратә уаажәларра алидерцәа рықәмақарреи ЕАШ аиҳабыреи ҳкомитети рыҭҵаарақәа ирылахәыз ахаҿқәа ркыдцалареи еиԥшым агәаанагара аҿагылара ауп иаанаго.
Қырҭтәыла адемократиеи атәыла аԥеиԥши ЕАШ акәым, “Ақырҭуа гәахәтәы” ирҿагылоит. Трамп иадминистрациа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аизыҟазаашьақәа рырҿыцра иалагаанӡа, аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз ашьаҿақәа цқьа ирызхәыцырц”, – иануп Џьин Шаҳини Џьим Риши еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.