Џьим Риш – ЕАШ зхы иақәиҭу адемократиатә Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит
Џьим Риш – ЕАШ зхы иақәиҭу адемократиатә Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит

Америкатәи асенатор Џьим Риш асенат аҿы Европеи арегионтә аусеицуреи ркомитет аҿы Қырҭтәыла азҵааразы имҩаԥгаз аԥхьара иазкны асоциалтә каҭа «Твиттер» аҿы иҩит.

Риш иқәгылараан иҟаиҵаз аҳәамҭа алаирҵәеит, уи ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла акритикатә аамҭа иҭагылоуп. Асенатор акризис ахыркәшареи ареформақәа рынагӡареи аҵак ду шрымоу иазгәеиҭеит.

«Қырҭтәыла акритикатә аамҭа иҭагылоуп. Аполитикатә лидерцәа еиқәшаҳаҭроуп, акризис ихдыркәшароуп, атәыла аԥеиԥш аиӷьтәразы ареформақәа рзы еиқәшаҳаҭроуп. ЕАШ зхы иақәиҭу адемократиатә Қырҭтәыла адгылара нанагӡоит,» – иҩит асенатор Џьим Риш.