Америкатә сенаторцәа Џьим Риши Џьинн Шаҳини Қырҭтәыла иазкны аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Америкатә сенаторцәа Џьим Риши Џьинн Шаҳини Қырҭтәыла акциақәа иалагеижьҭеи шықәсык аҵра инамаданы, аҳәамҭа еицыҟарҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, алхыҩцәа ргәаанагара азыӡырҩреи аоппозициаа рҟны аусеицуреи ацынхәрас, Қырҭтәыла аиҳабыра зеиҧшҟамлац ала аоппозициаа рхәаҽра иаҿуп.
«Шықәсык аҧхьа Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ аетап цәгьа иалагеит. Ақырҭуа жәлар реиҳара ирҭаху Қырҭтәыла евроинтеграциа анагӡара ацынхәрас, атәыла аиҳабыра ахырхарҭа ҧсахны, рконституциатә ҧхықәрақәа еиларгеит.
Убри амшала ақырҭуаа адәахьы идәылҵны, апротест ҟарҵеит, дара аиҭакрақәа рымҩаҧгара иаҳәоит. Абри ашықәс иалагӡаны, алхыҩцәа ргәаанагара азыӡырҩреи аоппозициаа рҟны аусеицуреи ацынхәрас, Қырҭтәыла аиҳабыра, авторитартә закәанқәа рыдкыларала, зеиҧшҟамлац ала аоппозициаа рхәаҽреи, атәылауаҩратә уаажәларра алидерцәа рыршәареи, Америкеи уи ацҳаражәҳәарҭеи еиуеиҧшым ахарадҵарақәа рзықәыргылареи иаҿуп.
Америкауаа раҳасабала, ҳара ақырҭуа жәлар рхықәкы еилаҳкаауеит, дара, ахақәиҭра ацәыӡра рҽанраалараны иҟам. Ҳара шықәсык иалагӡаны Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳрыцклаҧшуеит. Ақырҭуа жәлар, дара рхала рҧеиҧш алырхратәы азин рызҭаша аиҳабыра рымазар рыхәҭоуп», — иануп асенаторцәа рҳәамҭаҿы.