Израиль зехьынџьара адипломатиатә миссиақәа русзура ааннакылоит, – аарыцҳаит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы иҟоу ацҳаражәҳәарҭақәа.
Швециа иҟоу Израиль ацҳаражәҳәара аинформациала, уажәааны иҟалаз ахҭысқәа рымшала ацҳаражәҳәарҭа иаркуп, аконсултә маҵзурагьы мҩаҧгахом.
Берлин иҟоу ацҳаражәҳәарҭагьы аркуп.
Иара убас, Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, аконсултә маҵзурагьы мҩаҧгахом.