Израиль Атәылахьчаратә мчқәа – Иаха ҳара шәкыла ҲАМАС аинфраструктуратә обиектқәа иқәаҳхит
Израиль Атәылахьчаратә мчқәа – Иаха ҳара шәкыла ҲАМАС аинфраструктуратә обиектқәа иқәаҳхит

Израиль Атәылахьчаратә мчқәа  ринформациа инақәыршәаны, иаха дара шәкыла ҲАМАС аинфраструктуратә обиектқәа иқәырхит.

Иара убас, ишаарыцҳаз ала, Ҕаза асектор ажәылара нарыгӡоит.

Иқәырхыз аобиектқәа иреиуп аракетақәа рдәықәҵара иазку ашҭақәеи,  аҳапкылҵәақәеи, аҧшыхәратә инфраструктуреи, аоперативтә штабқәеи, акомандаҟаҵаратә пунктқәеи.

Израиль Атәылахьчаратә мчқа рдыррала, иаха дара жәаҩык инареиҳаны атеррористцәа ршьит.