Израиль адыррақәа рыла, Газа асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала 1000 иреиҳаны аракетақәа нашьҭын
Израиль адыррақәа рыла, Газа асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала 1000 иреиҳаны аракетақәа нашьҭын

Израиль адыррақәа рыла, Газа асектор аҟынтә Израиль ахырхарҭала ишьҭын 1000 иреиҳаны аракетақәа. Израилтәи ар аинформациа ала, урҭ рҟынтә 850 ракетақәа Израиль аҳәаа иахыԥрааит, 200 – Газа асектор атерриториаҿ каҳаит.

Газа асектор аҟынтә аҳаиртә жәылара иахҟьаны иҭахеит хәыҩык Израиль атәылауаа. Иаҭанкы имҩаԥгыз ажәылараан, Израиль «Ҳамас»м иатәыз 500 рҟынӡа аобиектқәа ықәнахит. Газа асектор аҟынтә ишаарыцҳаз ала, иҭахеит 35-ҩык.