Иутатәи ауниверситет аҿы ахысраан ахәра зауз аконсерватитә ахҳәааҟаҵаҩ Чарли Кирк иԥсҭазаара далҵит
Иутатәи ауниверситет аҿы ахысраан ахәра зауз аконсерватитә ахҳәааҟаҵаҩ Чарли Кирк иԥсҭазаара далҵит

Иутатәи ауниверситет аҿы ахысраан ахәра зауз аконсерватитә ахҳәааҟаҵаҩ Чарли Кирк иԥсҭазаара далҵит, — иҩит ЕАШ ахада Дональд Трамп.

«Илегендатәу Чарли Кирк дыԥсит.Иара иеиԥш  ЕАШ аҿар ргәы иҭаз аӡәгьы издырӡомыз, иара иеиԥш агәы аӡәгьы имамызт. Иара бзиа дырбон, лымкаала сара, дынцәартәуан. Аха уажәы уи даҳцәыӡит. Сареи Мелание иԥҳәыс Ерикеи иҭаацәареи ҳрыдашшылоит. Чарли, бзиа уаҳбоит!!» — иҩит Трамп.