Иурген Ҳардт – Бундестаг алахәылацәа реиҳара иаартны ирҳәоит Қырҭтәыла знымзар-зны Евроеидгыла ишалало, Германтәыла  Қырҭтәыла иҕәҕәаны иадгылоит
Иурген Ҳардт – Бундестаг алахәылацәа реиҳара иаартны ирҳәоит Қырҭтәыла знымзар-зны Евроеидгыла ишалало, Германтәыла Қырҭтәыла иҕәҕәаны иадгылоит

«Бундестаг алахәылацәа реиҳара иаартны ирҳәоит Қырҭтәыла знымзар-зны Евроеидгыла ишалало», — иҳәеит Бундестаг алахәыла Иурген Ҳардт ақырҭуа делегациа алахәылацәа данырҧыла ашьҭахь.

Иурген Ҳардт ишиҳәаз ала, жәабран азы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь Германтәыла адебатқәа мҩаҧысуеит   ҳаҧхьаҟа Евроеидгылаҿ партниорцәас иҟалаша атәылақәа ирыдҳәаланы.

«Бундестаг адемократиатә партиақәа зегьы   Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара иақәшаҳаҭуп. Уажәазы  зҵаарак ауп ахадара змоу, акандидат тәыла аиҿцәажәарақәа ралагаразы афомалтә статус анарҭо. Ари апроцессаҿ Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи еицызар сҭахуп. Қырҭтәылеи, ақырҭуа политикцәеи, абизнес ахаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи иҟарҵо зегьы Евроеидгыла азааигәахара иацхраауеит», — иҳәеит Иурген Ҳардт.