"Иунисеф" - ЕАР ахәыҷқәа рфонд адгылара ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҟынтә украинатәи ахәыҷқәа змоу ихьчам аҭаацәарақәа зныктәи афинанстә цхыраара роуеит
"Иунисеф" - ЕАР ахәыҷқәа рфонд адгылара ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҟынтә украинатәи ахәыҷқәа змоу ихьчам аҭаацәарақәа зныктәи афинанстә цхыраара роуеит

– ЕАР ахәыҷқәа рфонд адгылара ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҟынтә украинатәи ахәыҷқәа змоу ихьчам аҭаацәарақәа зныктәи афинанстә цхыраара роуеит, – ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу “Иунисеф” аҟынтә.

Аиҿкаара аинформациа ала, 2022 шықәса ажьырныәа 1 ашьҭахь Қырҭтәыла иаҭааз аҭаацәарақәа иалоу ахәыҷыцыԥхьаӡа 470 лари иоуеит.

“Афинанстә цхыраара аиуразы украинатәи ахәыҷқәа рҭаацәа ма рхылаԥшҩы рынхарҭа ҭыԥ ааигәара иҟоу асоциалтә маҵзуразы агентра иадҵаалароуп, ирымазароуп атәылауаҩшәҟәы/аиразы агәраргага. Иацҵаны аинформациа аиуразы ацәаҳәа ҷыда ахь шәас 1505”, – иануп аинформациа аҿы.