Италиа 30ҩык аурыс дипломатцәа атәылантә рыхцаразы аӡбара аднакылеит
Италиа 30ҩык аурыс дипломатцәа атәылантә рыхцаразы аӡбара аднакылеит. Ари атәы ааицҳаит Италиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Луиџьи ди Маио.
«Сара сыдҵала, иахьа шьыжьымҭан, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амаӡаныҟәгаҩ хада Етторе Секи Италиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Разов диҧхьан, идидырит Италиа аиҳабыра 30ҩык аурыс дипломатцәа атәылантә рыхцаразы аӡбара шрыдыркылаз, избанзар, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа «персона нон грата» роуп», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Луиджи Ди Маио иҳәамҭала, ари аӡбара рыдыркылеит Италиа амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы.