Иреихаӡоу Рада аилатәара иаҧыхын аиҳабыратә квартал азы иҟалар зылшо ажәылара амшала
Иреихаӡоу Рада аилатәара иаҧыхын аиҳабыратә квартал азы иҟалар зылшо ажәылара амшала

Аиҳабыратә квартал азы иҟалар зылшо ажәылара амшала, Иреихаӡоу Рада аилатәара иаҧыхын. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи АИХқәа.

Иреиҳаӡоу Рада анеҩстәи аилатәара мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын азы.

Алеқсеи Гончаренкои егьырҭ адепутатцәеи рҳәамҭала, дара  аиҳабыратә квартал азы аракетатә аахара ашәарҭара  иазку агәҽанҵара рырҭеит.

Адепутат Тарас Батенко иажәақәа рыла, аполитикцәа абҵара 21 рзы  абаллистикатә аахара иазкны ирдыруан, аха, иахьа ашәарҭара ҿыц иазкны аинформациа роуит.

«Ҳара арҭ амшқәа рзы украинатәи апарламент аахара иазку аинформациа ҳамоуп. Иҟало аабап», — иҳәеит  Батенко.