Иракли Қарселаӡе - Сынтәа амҩа ацыԥҵәахақәа раартрала, Қарҭынтә Баҭымҟа анеиразы 3:40 сааҭк мацароуп ирҭаххо
Иракли Қарселаӡе - Сынтәа амҩа ацыԥҵәахақәа раартрала, Қарҭынтә Баҭымҟа анеиразы 3:40 сааҭк мацароуп ирҭаххо

Сынтәа Самтредиа-Григолеҭи актәии аԥшьбатәии ахҵәахақәа раартра хгәы иҭоуп. Сынтәа ихыркәшахоит 21 км амҩа, – Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе апарламент аҿы аминистр исааҭ аформат аҿы данықәгылоз.

Аминистр иажәақәа рыла, Самтредиа-Григолеҭи актәии аԥшьбатәии ахҵәахақәа рыргылара аҿы аус руеит ақырҭуа аусуҩцәа, ахԥтәи ахҵәаха аргыларазы атендертә процедурақәа мҩаԥысуеит.

Аминистр иажәақәа рыла,аинтенсивтә усурақәа мҩаԥысуеит Григолеҭи-Қобулҭи 14 км аура змоу ахҵәахаҿ.

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе ишазгәеиҭаз, сынтәа амҩа ацыԥҵәахақәа раартрала, Қарҭынтә Баҭымҟа анеиразы 3:40 сааҭк мацароуп ирҭаххо.