Иракли Кобахиӡеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи Елдар Шенгелаиа иҭаацәара алахәылацәа ирыдашшылеит
Иракли Кобахиӡеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи Елдар Шенгелаиа иҭаацәара алахәылацәа ирыдашшылеит

Сионитәи аныхабаа аҿы ақырҭуа кинорежиссиор Елдар Шенгелаиа ипанихида мҩаԥысуеит. Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи Елдар Шенгелаиа иҭаацәара алахәылацәа ирыдашшылеит.

Иракли Кобахиӡе ицын Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, Акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡе, АҩА рминистр Гека Гелаӡе, Адәныҟатәи аусқәа рммнистр Мака Боҷоришвили, Аҵара аминистр Гиви Миқанаӡе, Агәабзиарахьчара аминистр Михеил Сарџьвелаӡе, Аиустициа аминистр Паата Салиа.

Апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ҳаҭыр зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвилии Екатерина Хведелиӡеи Елдар Шенгелаиа иҭаацәара идырашшылеит.

Елдар Шенгелаиа Дидубетәи апантеон аҿы, иан Нато Вачнаӡеи, иаб Николоз Шенгелаиеи, иашьа Гьаргь Шенгелаиеи рывара анышә дарҭоит. Нанҳәа 4 рзы Елдар Шенгелаиа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.