Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе визитла Италиаҟа ддәықәлеит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҳабыра рнапхгаҩы Милан Қырҭтәыла аконсулра хада аартра аофициалтә церемониа ихы алаирхәоит.
Иара убас, аԥыза-министр Милан, Қырҭтәыла аконсулра хада аинаугурациеи Қырҭтәыла ахьыԥшымра амни инамаданы имҩаԥгахо аофициалтә адкылара ихы алаирхәоит.
Иракли Кобахиӡе Милан аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, авице-аҧыза, атәылахьчара министр Иракли Чиқовнии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.